Џьон Кирби - Урыстәыла иаҿагыланы аибашьраҿ Украиназы ЕАШ ацхыраара аамҭала иаанкылоуп
Урыстәыла иаҿагыланы аибашьраҿ Украиназы ЕАШ ацхыраара уажәы аамҭала аанкылоуп, – иҳәеит Аҩны шкәакәа амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аҿы астратегиатә аимадарақәа ркоординатор Џьон Кирби.
Џьон Кирби ишазгәеиҭаз ала, Вашингтон инагӡоит ацхыраара апакет иазку аиҿцәажәара, уажәы ихадароуп Украина ацхырааразы афинансркра анагӡара аконгресс шьақәнаӷәӷәарц.
” Урыстәыла иаҿагыланы аибашьраҿ Украиназы ЕАШ ацхыраара аамҭала аанкылоуп. Аурысцәа имҩаԥырго ажәыларақәа иаҳа-иаҳа ӷәӷәахоит. Урҭ иҟьашьу рус азы Аҩадатәи Кореиа абаллистикатә ракетақәа рхы иадырхәоит. Ацхыраара ихымԥадатәиуп, ҷыдла аӡынразы”, – иҳәеит Кирби.