Аиаҭолла Али Ҳаменеи дақәшаҳаҭхар, Џьамтәыла аамҭалатәи ахадас дҟарҵоит атәыла вице-ахада Моҳаммад Моҳбер
Аиаҭолла Али Ҳаменеи дақәшаҳаҭхар, Џьамтәыла аамҭалатәи ахадас дҟарҵоит атәыла вице-ахада Моҳаммад Моҳбер

Аиаҭолла Али Ҳаменеи дақәшаҳаҭхар, Џьамтәыла аамҭалатәи ахадас дҟарҵоит атәыла вице-ахада Моҳаммад Моҳбер, – аанацҳаит ВВС,

Моҳаммад Моҳбер ари аҭыԥ ҩымз ааникылоит. Џьамтәыла аконституциа инақәыршәаны, апрезиденттә алхрақәа иашьҭанеиуа 50 мш ирылагӡаны мҩаԥыргароуп.

Џьамтәыла аҳәынҭқарра напхгаҩыс дыԥхьаӡоуп адоуҳатә лидер Аиаҭолла Али Ҳаменеи, аиҳабыра рнапхгаҩыс – ахада.

Џьамтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ахада Ибраҳим Раисии Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳосеин Амир-Абдоллахиани иҭахеит.