Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара - Атҟәацәа рҭаацәеи Израильтәи аҳәынҭқарреи ҳрыцгәырӷьоит
Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара - Атҟәацәа рҭаацәеи Израильтәи аҳәынҭқарреи ҳрыцгәырӷьоит

Атҟәацәа рҭаацәеи Израильтәи аҳәынҭқарреи ҳрыцгәырӷьоит, – иануп Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Атҟәацәа рыхынҳәра агәырӷьара дууп. Урҭ иаарласны рыбзиахара, рымчқәа ирласӡаны еиҭашьақәыргылара рзеиӷьаҳшьарц ҳҭахуп. Аха иԥсыз ауааԥсыра иаҳзааргаз ахьаа наӡаӡа иаҳзаанхоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

“Ҳамас” атҟәараҟынтә рхы иақәыртәит 20-ҩык ауааԥсыра, Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа урҭ Израиль ахь ииаргоит. Атҟәараҿы иҟаз ауаа Реимстәи ахәышәтәырҭаҿы заанаҵтәи амедицинатә гәаҭара рзымҩаԥыргоит, уаҟа урҭ рыуацәагьы ирԥылоит.

Аларҵәара роуит 250-ҩык палестинатәи абаандаҩцәеи 1700-ҩык палестинатәи атҟәацәеи рыхьӡқәагьы, урҭ иреиуп 22-ҩык ахәыҷқәа.