Иунисеф адыррақәа рыла, иааиуа амчыбжьақәа рзы Қырҭтәыла авакцина AstraZeneca 129 600 адозақәа аиуеит
Иунисеф адыррақәа рыла, иааиуа амчыбжьақәа рзы Қырҭтәыла авакцина AstraZeneca 129 600 адозақәа аиуеит
Қырҭтәыла иҟоу Иунисеф ахаҭарнакра иаланарҵәаз аҳәамҭақәа инақәырәшаны, иааиуа амчыбжьқәа рзы, Қырҭтәыла, авакцина AstraZeneca 129 600 адозақәа аиуеит
«Акоронавирус раҧхьатәи афакт ашьақәырҕәҕәара инаркны шықәсык анҵы, аплатформа «Ковакс» ала, Қырҭтәыла AstraZeneca/Oxford авакцина раҧхьатәи апартиа — 43 200 адозақәа аиуеит.
Иунисеф авакцинақәа раахәараҿы Қырҭтәыла иацхраауеит. Қарҭтәи жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазашҟа авакцинақәа ааргоит хәажәкыра 13 рзы. Аҧсшьарамшқәа рзы аиҳабыра араионқәа зегьы авакцинақәа рзыршоит. Авакцинациа апроцесс хәажәкыра 15 инаркны иалагоит. Аиҳабыратә план инақәыршәаны, зегьы раҧхьа авакцинақәа рзыҟарҵоит амедицинатә усзуҩцәа.
43 200 авакцинақәа рхы иадырзхәоит раҧхьатәи адозақәа рзы.