Иуане  Чхаиӡе игәаанагарала,  нанҳәазы акоронавирус  "дельта-штамм" афактқәа рхыҧхьаӡара ацлоит
Иуане  Чхаиӡе игәаанагарала,  нанҳәазы акоронавирус  "дельта-штамм" афактқәа рхыҧхьаӡара ацлоит

«Ишубарҭоу ала,  нанҳәазы ҳара ҳҿы акоронавирус  «дельта-вариант» афактқәа рацәахоит», — иҳәеит Аиммунизациа азҵарақәа рзы атехникатә абжьагаҩцәа рмилаҭтә гәыҧ анапхгаҩы Иуане Чхаиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  «индиатәи аштамм» адиагностика иаҳа иуадаҩуп, избанзар уи азы аимҳәареи амцашоуреи иҟазшьарбагам.

«Абри аштамм даҽа аклиникатә сахьак амоуп. Акоронавирус  дельта-вариант аан ауаҩҧсы ахыхь изцәырҵуеит, ихәда ихьуа иалагоит, аха, амцашоуреи аимҳәареи имам.

«Дельта-вариант» аларҵәара ҷыдарак амоуп  — ес-ҩымчыбжь  афактқәа ҩынтә ирацәахоит.   Хара имгакәа, нанҳәазы,  Қырҭтәыла  «дельта-вариант» афактқәа рацәахоит. Абри апроцесс аанкыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра ҩынтә алаҵа рзыҟаҵатәуп.   Атәыла ауааҧсыра рҟынтә  30-40%  еиҳаны ҩынтә алаҵа ҟарҵар, индиатәи аштамм аларҵәара аласра маҷхоит. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла  ҩынтә алаҵа ҟазҵахьоу ауааҧсыра макьана даараӡа имаҷуп.

Аҩбатәи алаҵа ашьҭахь аиммунитет наӡа аиуразы ҩымчыбжь аҭахуп. Убри аҟынтә, абри апроцесс азы аамҭа рацәа аҭаххоит», — иҳәеит Иуане Чхаиӡе.