Италиа ЕАР аҿы ицәырнагеит Украина аҭынчра ашьақәыргылара иазку 4 пункттәи аплан
Италиа ЕАР аҿы ицәырнагеит Украина аҭынчра ашьақәыргылара иазку 4 пункттәи аплан

Италиа ЕАР аҿы ицәырнагеит Украина аҭынчра ашьақәыргылара иазку 4 пункттәи аплан. Ари атәы аанацҳаит италиатәи аҭыжьымҭа  «Ареспублика». Адокумент еиқәдыршәеит Италиа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи атәыла аиҳабыра радминситрациеи.

Апланла иазҧхьагәаҭоуп Украина аҵакырадгьыл аҿы амца аанкылареи, жәларбжьаратәи апартниорцәа рҟны аусеицуреи, лымкаала – Евроеидгылеи,  G7, ЕАРи рҟны аусеицура.

Италиа апланла иазҧхьагәаҭоуп акризис алҵшәа иазку 4 етапк,  ари апроцесс иацклаҧшуеит Жәларбжьаратәи ацхрааратә гәыҧ.

  • Амца аанкылареи ЕАР ахылаҧшрала арратә аиҿагылара ацәаҳәақәа раҧыхреи;
  • Евроеидгылашҟа Украина ирласӡаны алалареи НАТО иаламлакәа анеитралтә статус ашьақәыргылареи;
  • Донбасси Ҟрыми ирыдҳәаланы Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭхара жәларбжьратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирыдҳәаланы  рҳәатәеиқәымшәара аҭыҧқәҵаразы;
  • Европа аҭынчреи ашәарҭадареи иазку аганрацәалатә аиқәшаҳаҭра ҿыц, уи бџьарла аибыҭар ахылаҧшреи  аимакқәа рҽацәыхьчареи еиқәнаршәароуп.

Иацы  Ниу-Иорк ари аплан цәыригеит Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Луиџьи Ди Маио. ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада  Антонио Гутерриш ари адокумент ирҭахьеит.