Ирландиатә асенат Қырҭтәыла адгыларатә резолиуциа аднакылан, Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьарц
2022 шықәса рашәара 14 рзы Ирландиа асенат Қырҭтәыла адгыларатә резолиуциа аднакылан, Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла акандидат тәыла астатус анашьарц. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, адокумент авторцәа иазгәарҭеит акандидат статус анашьара Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рзааигәахараеи ареформақәа иманшәаланы рынагӡара шацхраауа.
“Асенат иадгылоит европатәи ахәынаӡарақәеи анормақәеи здызкыло атәылақәа Евроеидгыла ралалара. Иара убас, асенат Қырҭтәыла аиҳабыра азҵаабӷьыц аҿҳәаранӡа ахарҭәаара афакт ахәшьара бзиа анаҭоит.
Арезолиуциаҿ иазгәаҭоуп Қырҭтәыла евроинтеграциа амҩаҿ амоу апрогресс, иара убас иазгәаҭоуп агеополитикатә контекст иазыԥхьагәаҭаны ассоциациатә трио иалоу атәылақәа рганахьала еиԥшу апозициа амазаара аҵак ду шамоу”, – иануп аминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.