Иракли Заркуа – Изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы ашьаҭа иҟам, ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭааразы
«Уи Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа ҧхашьарада рҽалагалара даҽа актк ауп, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы ашьаҭа иҟам», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Иракли Заркуа Европа Ахеилак Аҭыҧантәии арегионалтәии аиҳабырақәа рКонгресс абиуро аҳәамҭа данахцәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, анапхгаратә партиа ақырҭуа жәлар рҟынтә алегитимра аиуит.
«Изаамҭаным алхрақә рымҩаҧгаразы изакәызаалак шьаҭак иҟам. Ҳара ақырҭуа жәлар рҟынтә, миллион шәнызқьҩык ҳтәылауаа рҟынтә алегитимра ҳауит. Қырҭтәыла макьана алхрақәа мҩаҧгахом, ахаланапхгаратә алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭааразы», — иҳәеит Заркуа.
Европа Ахеилак Аҭыҧантәии арегионалтәии аиҳабырақәа рКонгресс абиуро Қырҭтәыла иазкны аҳәамҭа аднакылеит.