Иракли  Заркуа – Биӡина Иванишвили атәыла иахьыимҭииз азыҳәан, атәыла аинтересқәа рыхьчаразы мап ахьиимкыз азыҳәан асанкциақәа изышьақәдыргылеит, иара ақырҭуаа зегьы рзы дҿырҧшыгоуп  
Иракли  Заркуа – Биӡина Иванишвили атәыла иахьыимҭииз азыҳәан, атәыла аинтересқәа рыхьчаразы мап ахьиимкыз азыҳәан асанкциақәа изышьақәдыргылеит, иара ақырҭуаа зегьы рзы дҿырҧшыгоуп  

 

«Биӡина Иванишвилии иҭаацәареи аҧсадгьыл абзиабара аганахьала иҿырҧшыгоуп», – иҳәеит  диаспора азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Иракли Заркуа.

Заркуа Америка Афинансқәа рминистрра Биӡина Иванишвили изышьақәнаргылаз асанкциақәа дрылацәажәеит.

«Биӡина Иванишвили уезгьы,   де-факто асанкциақәа изышьақәыргылан. Избан? Избанзар,  ари ауаҩы атәыла аҭиразы мап икит,  ҳтәыла аинтересқәа рыхьчара мап ацәиимкит. Уи ауп дызхдырҟьаз.  Ҳбызшәала,  апатриоттә бызшәала иуҳәозар,  иара изы уи анашьамҭоуп,  избанзар,  ҳтәыла ихьчон. Иацы Иванишвишли ҳиацәажәаратәы алшара ҳаман. Иара ишиҳәаз ала,  асанкциақәа рыҟаҵа дыҟоуижьҭеи акрызҵуеит,  иара изы уи акгьы иаанагом. Ахатә тәыла абзиабара  – анашьамҭа дуӡӡоуп. Иара абасоуп ари азҵаара дшазныҟәо. Иареи иҭаацәареи ақырҭуаа зегьы рзы иҿырҧшыгоуп», – иҳәеит  Иракли Заркуа.