Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Иапониа ацҳаражәҳәаҩ Ишиӡука Ҳидеки диҧылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациала, аиҧылараҿы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иалацәажәеит; чыдала ирзааҭгылеит ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу аперспективақәа. Аҧыза-министр  Ишиӡука Ҳидеки изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аинвестициақәеи аекспорти аизырҳареи, анаплакра маҷи абжьаратә наплакреи ацхраареи иазку апрограммақәа рымҩаҧгара аганахьала апартниорра арҕәҕәара ишазыхиоу.  Иара убас, аиҿцәажәараан иаҵшьны иазгәаҭан Иапониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.