Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала аҧхынтә лагерь аҿы зыҧсы зшьо аукраинатәи аҵаҩцәа дырҧылеит
Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала аҧхынтә лагерь аҿы зыҧсы зшьо аукраинатәи аҵаҩцәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, Аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡеи, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, Украинаҟны аиҩызара апарламенттә гәыҧ анапхгаҩы Гьаргь Кахиании Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала аҧхынтә лагерь аҿы зыҧсы зшьо аукраинатәи аҵаҩцәа ирҧылеит.

Аҧыза-министри аминистрцәеи ахәыҷқәа ирыцәажәаны, уаххьаҿы ирыдыркылеит. 

Рашәара  30 инаркны ҧхынгәы 20 иналаҧхьаӡаны, аукраинатәи хәыҷқәа 2 гәыҧк ари алагерь аҿы рыҧсы ршьоит, урҭ иреиуп Украина  абџьармчқәа рмаҵзуҩцәеи аибашьра иалаӡыз афырхацәеи рхылҵ.  

Украинатәи ашколхәыҷқәа, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа, еиуеиҧшым акультура-арккаратәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәа рхы рыладырхәоит. Иара убас, дара Қарҭи, Сиҕнаӷи, Бодбеи аекскурсиақәа рзымҩаҧыргоит.