Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп, абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп
Иракли Кобахиӡе - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп, абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп

Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп. Абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи апҟарақәа рышьаҭала иаҧҵоу адунеитә аиҿкаареи жәларбжьаратәи зин апринципқәеи ирыдҳәаланы зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иареи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Иракли Кобахиӡе НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада аҭабура изааирҧшит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала адгыларазы. 

Азин сышәҭозар, иахьа исымоу алшара схы иархәаны, НАТО гәыкала аҭабура азаасырҧшыр сҭахуп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҕәҕәала адгыларазы. Қырҭтәыла, даараӡа Алианс иазааигәоу, игәрагоу партниоруп. Қырҭтәыла аҧыза-министр иаҳасабала раҧхьатәи сдәныҟатәи визит Бриуссель имҩаҧызгоит, уи алагьы иубарҭоуп ҳара абри апартниорра аҵакы ҷыда шанаҳшьо”, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.

Қырҭтәыла аԥыза-министр иажәақәа рыла, НАТО зҵакы дуу ароль нанагӡеит Қырҭтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәареи Алианс акритериқәа рашьашәалазаара аизырҳареи аус аҿы.

Ҳаргьы, аҩадаатлантикатә алианс апринципқәа рықәныҟәаразы иаҭахыз зегьы ҟаҳҵеит, ареформақәа рацәа мҩаҧганы,  атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа шыҟоугьы, аинтеграциа апроцессаҿ ҧхьаҟацара наҳагӡоит. 

Уажәазы Европа ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа уадаҩуп. Апҟарақәа рышьаҭала иаҧҵаз ажәларбжьаратәи аиҿкаара ашәарҭара иҭагылоуп, „Иаку, зхы иақәиҭу, аҭынчратә Европа“ апринципгьы ашәарҭара иҭагылоуп. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы импыҵахалоуп. Абри иуадаҩӡоу аамҭазы, аидгылаҩцәеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи апҟарақәа рышьаҭала иаҧҵоу адунеитә аиҿкаареи жәларбжьаратәи зин апринципқәеи ирыдҳәаланы зеиҧшҟамлац акзаареи азгәыкреи аарҧшра нарыгӡароуп. 

Азин сышәҭозар, еиҭасҳәар стаҭуп НАТО-Қырҭтәылатәи апартниорра аҿаҧхьа аҧхықәра ду шҳаду, иаҳзаашәырҧшуа адгыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Даараӡа иҭабуп!“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.