Иракли Кобахиӡе - Иахьатәи адунеиаҿы, аҭынчреи аҭышәынтәалареи зегь реиҳа идуу аԥышәарас ианыҟала аамҭазы, Қырҭтәыла иамоу аихьӡарақәа иреиӷьу ҿырԥшуп, ари аус аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩ цыԥхьаӡа илагала дууп
Иракли Кобахиӡе - Иахьатәи адунеиаҿы, аҭынчреи аҭышәынтәалареи зегь реиҳа идуу аԥышәарас ианыҟала аамҭазы, Қырҭтәыла иамоу аихьӡарақәа иреиӷьу ҿырԥшуп, ари аус аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩ цыԥхьаӡа илагала дууп

Иахьатәи адунеи аҿы, аҭынчреи аҭышәынтәалареи зегь реиҳа идуу аԥышәарас ианыҟала аамҭазы, Қырҭтәыла амоу аихьӡарақәа иреиӷьу ҿырԥшуп, ари аус аҿы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусуҩ цыԥхьаӡа илагала дууп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура 10 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, парламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдырныҳәалан, атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчаразы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусуҩцәа 10 шықәсатәи аиубилеи рыдырныкҳәалан,атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчаразы имҩаҧырго аусура ду азыҳәан ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура 10 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы Анри Оханашвили амаҵзура аусуҩцәа аҳамҭақәа ранаишьеит. Амаҵзура ашьаҭакра амш инамаданы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура 328-ҩык аусзуҩцәа анашьамҭақәа роуит.