Иракли Кобахиӡе - Иахьа Украинаҿ аҭагылазаашьа цәгьоуп, украинаа пату рақәысҵот, убри аҟынтә Арахамиеи егьырҭ аполитикцәеи рҟны аполемика алагара сгәы иҭам
Иракли Кобахиӡе - Иахьа Украинаҿ аҭагылазаашьа цәгьоуп, украинаа пату рақәысҵот, убри аҟынтә Арахамиеи егьырҭ аполитикцәеи рҟны аполемика алагара сгәы иҭам

Давид Арахамиа иҟаиҵаз аҳәамҭа уаанӡа изныкымкәа исҳәахьаз, шьақәнарӷәӷәеит, ари Украина анапхгара иконкрету ахаҭарнак иааирԥшуа апозициоуп,  -иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла украинатәи жәлар рыдгылоит.

„Украинатәи аҳәынҭқара адгылара ажәақәа мацара рыла акәым, ҳусқәа рылагьы ааҳарԥшит. 600 иреиҳаны актқәеи, арезолиуциақәеи, адокументқәеи ҳрыдгылахьеит, иара убас агәыманитартә цхыраара. Абри афон аҿы зеилкаашьа уадаҩу аҳәамҭақәа аныҟарҵо, ак иҽеим ҳәа ҳгәы иаанагоит. Иахьа Украинаҿ аҭагылазаашьа цәгьоуп, украинаа пату рақәысҵот, убри аҟынтә Арахамиеи егьырҭ аполитикцәеи рҟны аполемика алагара сгәы иҭам“, – иҳәеит Кобахиӡе.

Украинатәи “Радаҿ” афракциа “Жәлар рымаҵуҩы” ахантәаҩы Давид Арахамиа Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Асоциалтә каҭаҿы Арахамиа хпунктк алаирҵәеит, иажәақәа рыла, урҭ рынагӡарала Қырҭтәыла аизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵара алщоит. „1. Абахҭантә доужьҭны, ҳтәылауаҩ Михеил Саакашвили даҳзыхынҳәааит; 2. Урыстәылаҟны ишиашоу аԥыррақәа аԥыххааит, ари ақырҭуа жәларгьы ирҭахуп; 3. Асанкциақәа еилаганы агрессор ицхыраара аҟәыҵхааит. Усҟан еизыҟазаашьақәа рҭыԥқәҵараа ахцәажәара ҳалшоит“, –иҩит Арахамиа.

Иацы, Қырҭтәыла Аиҳабыра иҟарҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “Аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵаразы, раҧхьа иргыланы, Украина анапхгара, иахьа Украина аиҳабыраҿ амаҵзураҭыҧ дуқәа аанызкыло ацәгьауцәа хымҧада Қырҭтәыла иарҭароуп“.