Иракли Кобахиӡе - Ҳтәылаҿы аилаҩынтра зҭаху, ҳтәыла аԥырхагахара зҭаху еилаҳкаароуп, ари азин аӡәгьы иаҳҭом, ахҭыс цыԥхьаӡа иақәнаго ақәҿыҭра аиуеит
Иракли Кобахиӡе - Ҳтәылаҿы аилаҩынтра зҭаху, ҳтәыла аԥырхагахара зҭаху еилаҳкаароуп, ари азин аӡәгьы иаҳҭом, ахҭыс цыԥхьаӡа иақәнаго ақәҿыҭра аиуеит

Агәҩара змоу, зус аусеилыргараҿы иҟоу ахаҿы  Украина иҷыдоу амаҵзурақәа данрылацәажәо, аинтерс зҵоу фактуп. Ари афакт амаҵзура ҷыдақәа ҭырҵаароуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, атәылаҿы аилаҩынтра зҭаху, атәыла аԥырхагахара зҭаху еилкаатәуп.

„Ҳтәылаҿы аилаҩынтра зҭаху, ҳтәыла аԥырхагахара зҭаху еилаҳкаароуп, ари азин аӡәгьы иаҳҭом, ахҭыс цыԥхьаӡа иақәнаго ақәҿыҭра аиуеит. Агәҩара змоу, зус аусеилыргараҿы иҟоу ахаҿы  Украина иҷыдоу амаҵзурақәа данрылацәажәо, аинтерс зҵоу фактуп. Ари афакт амаҵзура ҷыдақәа ҭырҵаароуп“, – иҳәеит аԥыза-министр.

Украинантә Қырҭтәылаҟа иаагаз аҧжәага иазку аусеилыргараҿы аинформациа ҿыц иҟоуп. Ари атәы аарыцҳаит иахьа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә. Иаанкылоу руаӡәы иҳәеит ари аҧжәага Урыстәылаҟа инаргараны иҟан ҳәа, аха, аоперативтә материалқәа инрықәыршәаны,  аҵыхәтәантәи алокациа  — Қарҭ, Авлабар араионаҿ иҟоу ҩнуп.