Иракли Кобахиӡе Баскаа ртәыла анапхгаратә партиа алидер диԥылеит
Иракли Кобахиӡе Баскаа ртәыла анапхгаратә партиа алидер диԥылеит

Испаниа, Баскиа ртәыла авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи ақырҭуа делегациа алахәылацәеи Баскаа ртәыла анапхгаратә партиа алидер Андон Ортусар иԥылеит.

Аиԥылараҿ анапхгаратә партиақәа рыбжьара наҟ-наҟтәи аусеицуреи Қырҭтәыла евроинтеграциа амҩаҿ ақырҭуа-баскаа реизыҟазаашьақәа рырҭбаареи ирыхәаԥшит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла апарламент адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡеи апарламент алахәыла Михеил Ҟавелашвилии.