Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла ажәабатәи ааԥхьара апарламент алахәыла Бачуки Қардава иԥсра инадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит.
“Қырҭтәыла ажәабатәи ааԥхьара апарламент алахәыла Бачуки Қардава иԥсҭазаара иалҵразы агәалсра ду аасырԥшуеит. Иҭаацәареи, иҩызцәеи, иуацәеи срыдашшылоит”,- иануп аԥыза-министр иҟаиҵаз адашшылараҿ.
Бачуки Қардава иԥсҭазаара далҵит 54 шықәса дшырҭагылаз.