Иракли Кобахиӡе - Атәылаҿ аҭынчра ахьчареи, аҭышәынтәылареи, аҿиареи рзы аҭакзыԥхықәу ҳара ҳауп
Атәылаҿ аҭынчра ахьчареи, аҭышәынтәылареи, аҿиареи рзы аҭакзыԥхықәу ҳара ҳауп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла, зегь реиҳа идуӡӡоу абзиара аҭынчреи аҭышәынтәалареи роуп.
“Атәылаҿ аҭынчра ахьчареи, аҭышәынтәылареи, аҿиареи рзы аҭакзыԥхықәу ҳара ҳауп. Зегь реиҳа идуӡӡоу абзиара аҭынчреи аҭышәынтәалареи роуп. Аартызаара иазку азакәан ҳҳәынҭқарра аекстремизм, ареволиоуциақәа рҟынтә иахьчоит. Ауааԥсыра зегьы ибзиаӡаны ирбеит аурыс закәан ҳәа атермин аиаша цасҳәа аицакра шакәуз. Жәларбжьаратәи астандартқәа, ауаҩытәыҩа изинқәа рыхьчареи уахь иналаҵаны, ирышьашәалоу ари азакәан ҳтәыла адестабилизациа аҟынтә иахьчоит. Евроеидгыла афондқәеи, NED-и USAID-и Қырҭтәыла ареволиуциатә процессқәа рымҩаԥгаразы аԥара азоурмыжьҭоур. Арҭ афондқәа Трамп иадминистрациа аԥнахит”, -иҳәеит Кобахиӡе.