Иракли Кобахиӡе - Арадикалцәа раԥхьаӡа акәны амҩа аркра рылымшеит, ари иаанаго акоуп - азкәан ҿыц амч аиуит
Арадикалцәа раԥхьаӡа акәны амҩа аркра рылымшеит, ари иаанаго акоуп – азкәан ҿыц амч аиуит, – иҳәеит , – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла арадикализм зынӡа иқәгатәуп, избан акәзар 50-ҩык радикалцәа 1700000 ауаа ирықәыӷәӷәарц ҟалом.
“Арадикалцәа раԥхьаӡа акәны амҩа аркра рылымшеит, ари иаанаго акоуп – азкәан ҿыц амч аиуит. Аха азҿлымҳара ҳамцәыӡроуп, аусура наҳагӡароуп. Арадикализм зынӡа иқәгатәуп, избан акәзар 50-ҩык радикалцәа 1700000 ауаа ирықәыӷәӷәар ҟалом”, – иҳәеит Кобахиӡе.