Иракли Кобахиӡе - Аҧсабаратә рыцҳара қәҿиарала  ҳаҿагыларц азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны аус руеит
Иракли Кобахиӡе - Аҧсабаратә рыцҳара қәҿиарала  ҳаҿагыларц азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны аус руеит

Иацтәи асоура амшала аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит, убри аҟынтә, иахьа, арбџьармчқәеи, атәылахьчаратә мчқәеи ари аус рҽаларгалар акәхеит, ҳара иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе акоординациатә штаб аилатәара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

“Аҧсабаратә рыцҳара қәҿиарала  ҳаҿагыларц азыҳәан, аусбарҭақәа зегьы еиқәшаҳаҭны аус руеит. Аҭагылазаашьа уадаҩуп, ақыҭақәа реиҳара еимадарада иаанхеит, ақыҭақәа рҟны аимадара  иҟам, ари аганахьала иҟаҵатәу рацәоуп. Аконкреттә қыҭақәа рҟны аимадара аиҭашьақәыргыларазы атехника ҷыда ааҳгоит, зыҧшра ҟамҵакәа ари ахырхарҭала активла аусура ҳалагоит. Иара убас, ахәшәқәеи, афатәаалыҵи, амҿи рҭаҵәах харҭәаатәуп, ари ахырхарҭалагьы аконкреттә план инақәыршәаны аусура наҳагӡоит. Аплан еиқәыршәаны иҳамоуп, аҭагылазаашьа уадаҩуп, апроблемақәа рацәоуп, аха, апроблемақәа зегьы рыӡбаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит,“ – иҳәеит Иракли Кобахиӡе.