Иракли Кобахиӡе Анцәа Иан лылацәеиқәыҧсара ахьӡала Аҵҟури иҟоу аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Анцәа Иан лылацәеиқәыҧсара ахьӡала Аҵҟури иҟоу аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа ибеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын амитрополит Ҭеодоре. Аиҳабыра рнапхгаҩи аминистрцәеи ари апроект адетальқәа еилыркааит. Аныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит, ари абаҟа аханатә иамаз аҭоурыхтә аҧшра еиҭашьақәыргылоуп, уаҟа ажәытәӡатә детальқәа зегьы еиқәырхоуп.
Уажәазы аҟәырҕ ахыбра иаҿуп. Афонд “Қарҭу” ари аныхабаа аиҭашьақәыргылара иазоунашьҭхьеит 9 миллион лари еиҳаны. Зынӡа ари апроект ахыркәшаразы 12 миллион лари аҭаххар ҟалап. Амитрополит Ҭеодоре, ауахәама аҭааҩцәа рыхьӡала, аиҳабыра рнапхгаҩы ҳамҭас ииҭеит Анцәа Иан лныхачаҧа.