Иракли  Кобахиӡе  - Америка ацҳаражәҳәарҭа иацтәи аҳәамҭа аӡбарҭа ахьыҧшымра ишиашоу аҽалагалара ауп иаанаго
Иракли  Кобахиӡе  - Америка ацҳаражәҳәарҭа иацтәи аҳәамҭа аӡбарҭа ахьыҧшымра ишиашоу аҽалагалара ауп иаанаго

«Ҳпартниорцәа дара ртәылаҿ еиҧшҵәҟьа, ҳтәылаҿгьы азакәан аиҳаӡареи аӡбарҭа ахьыҧшымреи хшыҩзышьҭрала иазныҟәароуп», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа данахцәажәоз.

«Америка  ацҳаражәҳәаҩ иацы иҟалҵаз аҳәамҭа   аӡбарҭа ахьыҧшымра ишиашоу аҽалагалара ауп иаанаго. Ҳпартниорцәа дара ртәылаҿ еиҧшҵәҟьа, ҳтәылаҿгьы азакәан аиҳаӡареи аӡбарҭа ахьыҧшымреи хшыҩзышьҭрала иазныҟәароуп. Абри ауп исҳәар исылшо. Ҳара азакәан аиҳаӡареи аӡбарҭа ахьыҧшымреи ҽакала ҳазныҟәоит», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

«Қырҭтәыла аӡбаратә система ахьыҧшымреи амедиаплиурализми хшыҩзышьҭра ҷыда анрымоу аамҭазы аоппозициатә телеканал хада агенералтә директор иҭакра ақырҭуа жәлар еилыккаа иаадырҧшыз ргәазыҳәареи Қырҭтәыла алидерцәа аргама излацәажәо ахықәки  – иаҳа ишәарҭам, адемократиатә, европатәи аҧеиҧш аиқәыршәара иаҧырхагоуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.