Америка ацҳаражәҳәарҭа  – Абри аҩыза амшқәа раан ҳара ҷыдала ҳцәа ианыруеит Америкеи Қырҭтәылеи абарҭ апринципқәа рыла ҕәҕәала ишеидҳәалоу: ахьыҧшымреи,  ахақәиҭреи,  адемократиеи
Америка ацҳаражәҳәарҭа  – Абри аҩыза амшқәа раан ҳара ҷыдала ҳцәа ианыруеит Америкеи Қырҭтәылеи абарҭ апринципқәа рыла ҕәҕәала ишеидҳәалоу: ахьыҧшымреи,  ахақәиҭреи,  адемократиеи

Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Робин Данниган мшаҧы  9 рзы иҟалаз арыцҳараан иҭахаз ауаа ҳаҭырла илгәалалыршәеит.

Америка ацҳаражәҳәарҭа ари амш инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Мшаҧы 9 рзы ҳара ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит  асоветтә ар ала ишьыз 21ҩык  ауааҧсыреи  ихәыз шәҩыла атәылауааи,  дара аҭынчтә демонстрациала ахақәиҭра иаҳәон.  Иззықәҧоз ахақәиҭреи ахьыҧшымреи абара иахьымӡаз ауаа зегьы ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит.

Абри аҩыза амшқәа раан ҳара ҷыдала ҳцәа ианыруеит Америкеи Қырҭтәылеи абарҭ апринципқәа рыла ҕәҕәала ишеидҳәалоу: ахьыҧшымреи,  ахақәиҭреи,  адемократиеи, — Иануп Қырҭтәылап иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭ аҳәамҭаҿы.