Шьалуа Папуашвили – Апартиатә телееилахәырақәа иаладырҵәаз  адезинформациа амшала, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа  аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит, избанзар, ари адезинформациа Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Америкагьы арепутациа азарал азаанагеит
Шьалуа Папуашвили – Апартиатә телееилахәырақәа иаладырҵәаз  адезинформациа амшала, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа  аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит, избанзар, ари адезинформациа Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Америкагьы арепутациа азарал азаанагеит

Апартиатә телееилахәырақәа иаладырҵәаз  адезинформациа амшала, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа  аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит, избанзар, ари адезинформациа Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Америкагьы арепутациа азарал азаанагеит – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла,  америкатә база иадҳәаланы аларҵәара зауз аинформациа изакәызаалак шьаҭак аҵам.

„Раҧхьа иргыланы, интересс исымоуп ари атема изалацәажәо. Аларҵәара зауз аинформациа изакәызаалак шьаҭак аҵам.  Сымҩашьозар,  Ауаажәларратә дырраҭара аборд аоппозициатә алахәыла заҵәык иоуп ари атема иалацәажәаз. Уи алагьы иубарҭоуп ари аус зызку. Ауаажәларратә дырраҭара аборд алахәыла аҳәынҭқарра даҿагыланы адезинформациа алаирҵәоит, насгьы, абри аҩыза атема далацәажәоит, Америка ацҳаражәҳәарҭагьы аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит. Исҳәара сыздырӡом, ганкахьала,  абри аҩыза аборд алахәыла Ауаажәларратә дырраҭара хырҳагас иазаалго сыздырӡом, егьи аганахьала, лабҿаба иубарҭоуп аоппозициаа изакәытә алахәылацәоу иалырхуа. Ари ауаҩы аҭамзаара шьҭалҵап ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит.

„Иацы Америка ацҳаражәҳәарҭа иаланаҵәаз аҳәамҭа шәаҧхьеит ҳәа сгәыҕуеит.  Апартиатә телееилахәырақәа иаладырҵәаз  адезинформациа амшала, Америка ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа аҳәамҭа аҟаҵара рықәшәеит, избанзар, ари адезинформациа Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Америкагьы арепутациа азарал азаанагеит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иацы ателееилахәыра  „Мҭавари архи“, Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак алахәыла Лика Басилаиа-Шавгулиӡе лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны, аинформациа аладырҵәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ 2021 шықәсазы Қырҭтәыла иаҭааиз Америка атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ атәылаҿ америкатә арратә база аартразы мап ицәыркызшәа.  Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа ари азҵаара иадҳәаланы иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Америка,  Қырҭтәыла ахаангьы аднамгалацт атәылаҿ арратә база аартра.