«Атәыла ахадеи ҳареи атәылаҿы аполитикатә процессқәа ҳрылацәажәеит. Лара ҳпозициа интересс илыман. Аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы иааҧҵәаны иаҳҳәеит ҳара абри аиқәшаҳаҭра ҳшазымхынҳәуа, ҳаҧхьаҟагьы, арадикалтә оппозициа цасҳәа акризис аҧырҵаргьы, абри аҩыза изакәызаалак аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылом», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, дара уаанӡагьы аргама аарыцҳаит аиқәшаҳаҭра шаҧыху, избанзар, аполитикатә партиақәа ҧшьба, 30ҩык иреиҳаны адепутатцәа, 100 мшы рыҩнуҵҟала аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарымҩит.
«Адокумент знапы аҵазымҩыз егьырҭ апартиақәагьы аҭакҧхықәра рыдуп. Ҳара аӡбара ҳадаҳкылеит, уи аиҭахәаҧшра ҳгәы иҭам. Убри аҟынтә, аиқәшаҳаҭра иаҧыхуп, ҳара уаҳа хаангьы абри аҩыза аиқәшаҳаҭра ҳадаҳкылом», — иҳәеит Кобахиӡе.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Шарль Мишель идокумент знапы аҵазҩыз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа дырҧылеит. Аиҧылараҿы апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» адокумент алҵра азҵаара иалацәажәеит.