Иракли Кобахиӡе  - "Адеолигархизациа иазку" азакәан анеҩстәи амчыбжь азы  иҳадаҳкылом
Иракли Кобахиӡе  - "Адеолигархизациа иазку" азакәан анеҩстәи амчыбжь азы  иҳадаҳкылом

«”Адеолигархизациа иазку” азакәан анеҩстәи амчыбжь азы ахҧатәи аҧхьарала  иҳадаҳкылом» , — иҳәеит апарламенттә аиҳара рлидер, апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, абри аҳәара ҟаҵан аҧыза-министр визитла Бриуссель даныҟаз.

«Ҳара “Адеолигархизациа иазку” азакәан анеҩстәи амчыбжь азы  адкылара ҳгәы иҭан. Аха, ишыжәдыруа еиҧш, аҧыза-министр визитла Бриуссель дыҟан, уаҟа еврокомиссари ахада Шарль Мишели дырҧылеит.  Дара аҳәара ҟарҵеит уажәтәи аетапаз ари азакәан ҳадҳамкыларц.  Убри аҟынтә, ҳара, хымҧада, ари аҳәара иазҧхьагәаҳҭоит, анеҩстәи амчыбжь азы азакәан ҳадаҳкылом, ҧхынҷкәынынӡа ари азакәан ҳазыхынҳәуам», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.