Иракли Кобахиӡе – Абжьаратә коридор аглобалтә ахәаахәҭратә хсаала иузнымхуа хәҭас иҟалеит, атранзиттә тәыла аҳасабала ҳтәыла ароль арҕәҕәаразы ари аусхкы иаларҵоит 7 миллиардк адоллар аҟара аинвестициа
Аимадареи атранзити ирыдәҳалоу аусхкқәа зегьы рҿы амбициатә планқәа ҳамоуп, ҳара, шьаҿа-шьаҿала ари аплан анагӡара ҳаҿуп. Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит хәышықәса рышьҭахь Қырҭтәыла ари аганахьала акырӡа иаҳа ишыҕәҕәахо, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Абизнесассоциациа аконференциа – „Қырҭтәыла абизнеслагылазаара, аиҳабыреи абизнеси рыбжьара адиалог“ аҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аекономикатә аҿиараҿы атранспорти алогистикеи рыхәҭа аҵакы ду амоуп.
„Аекономикатә азҳараҿы атранспорти алогистикеи рыхәҭа аҵакы ду амоуп. Абжьаратә коридор аглобалтә ахәаахәҭратә хсаала иузнымхуа хәҭас иҟалеит, уи абзоурала, ҳтәыла астратегиатә роль иаҳа идухеит. Ҳара ари ахырхарҭала амбициатә планқәа ҳамоуп. Атранзиттә тәыла аҳасабала ҳтәыла ароль арҕәҕәаразы ари аусхкы иаларҵоит 7 миллиардк адоллар аҟара аинвестициа, амҩатә инфраструктура аганахьала, 2031 шықәса анҵәамҭанӡа, автобан ахәҭақәа зегьы рыргылара ахыркәшара ҳгәы иҭоуп. Ари аплан амбициатә ҟазшьа амоуп, аха, уи анагӡара ҟалоит. Аинфраструктура аминистрра ари ахырхарҭала активла аус ауеит. Абаҕәазатә инфраструктура ҳалацәажәозар, 2029 шықәса анҵәамҭанӡа Анаклиатәи абаҕәаза аргылара актәи афаза хыркәшахоит. Аҳаирбаҕәазақәагьы аплан инақәыршәаны иҳаргылоит. Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәаза аинфраструктура ҳарҭбаауеит. Баҭымтәи аҳаирбаҕәаза иадҳәаланы амбициатә планқәа ҳамоуп. Иара убас, аплан иарбоуп Қарҭ аҳаирбаҕәаза ҿыц, Вазиантәи аҳаирбаҕәаза аргылара, уигьы 2031 шықәса анҵәамҭанӡа иҳаргылароуп. Убри адагьы, аихамҩа иадҳәаланы амибициатә планқәа ҳамоуп, аихамҩа алшарақәа акырӡа иаҳа иҕәҕәахоит. Аимадареи атранзити ирыдҳәалоу ахырхарҭақәа зегьы рҿы амбициатә планқәа ҳамоуп, арҭ апланқәа шьаҿа-шьаҿала инаҳагӡоит. Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит хәышықәса рышьҭахь Қырҭтәыла ари аганахьала акырӡа иаҳа ишыҕәҕәахо, убри аҟынтә, ари атема хшыҩзышьҭра ду азаауеит“, – иҳәеит аҧыза-министр.