Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла визитла иҟоу Ҭырқәтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Кемаль Мемисоӷлу диԥылеит.
Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорреи агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿ аусеицуреи рыхцәажәеит. Аиԥылараҿ иазгәаҭан ҩтәылак рпартниорра иабзоураны атәылауаа зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә маҵзура аиура шрылшо.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Қырҭтәыла агәабзиарахьчара ахырхарҭа адгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.