Иракли Кирцхалиа - «Дип стеит» адҵала европатәи абиурократиа ацҳаражәҳәаҩцәа ралхра ахьынӡананагӡо, ацҳаражәҳәаҩцәа  рдәылцра иадҳәаланы ауааԥсыра аҳәара илҵшәадахоит
Иракли Кирцхалиа - «Дип стеит» адҵала европатәи абиурократиа ацҳаражәҳәаҩцәа ралхра ахьынӡананагӡо, ацҳаражәҳәаҩцәа  рдәылцра иадҳәаланы ауааԥсыра аҳәара илҵшәадахоит

«Дип стеит» адҵала европатәи абиурократиа ацҳаражәҳәаҩцәа ралхра ахьынӡананагӡо, ацҳаражәҳәаҩцәа  рдәылцра иадҳәаланы ауааԥсыра аҳәара илҵшәадахоит, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кирцхалиа.

Иракли Кирцхалиа иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҩызцәас ирыԥхьаӡо атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа рхымҩаԥгашьа адкылашьа амам.

Кирцхалиа ишазгәеиҭаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ачҳаратә политика мҩаԥнагоит, уи  тәылақәак рыцҳаражәҳәаҩцәа ррдәылцреи ихьанҭоу аӡбарақәа рыдкылареи рҽаанкылара изыдҳәало алкаақәа ҟаиҵеит.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ҷыдала Украина аибашьра ианалага ашьҭахь, Қырҭтәыла аккредитациа змоу мраҭашәаратәи атәылақәа, Евроеидгыла атәылақәа уахь иналаҵаны, рыцҳаражәҳәаҩцәа адипломатиатә ҳәаақәа ирхыҵны, ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара иақәыркит. Қырҭтәыла аҩызцәас иҳаԥхьаӡо атәылақәа абри еиԥш идипломатиатәым, аиҩызара злам рхымҩаԥгашьа ҳара ҳзы адкылашьа амам. Ауааԥсыра «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә ақәҿыҭра иаҳәоит, аха «Ақырҭуа гәахәтәы»ачҳаратә политика мҩаԥнагоит.

Ишыжәдыруа ала, европатәи атәылақәеи, Евроеидгылеи, евроиурократиеи «дип стеит» анырра аҵаҟа иҟоуп. Ари Қырҭтәылазы мацара акәымкәа, Евроеидгыла иалоу атәылақәа руааԥсыра рзы ишәарҭоуп.

«Дип стеит» аҿаҵала ҳтәыла иаҿагыланы имҩаԥгаз акампаниа зеиԥшраз зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит. Зегьы ибзианы иргәалашәоит Қырҭтәыла аконституциатә еиҿкаара ақәгара иадҳәаланы ЕС иалахәу тәылақәак рыцҳаражәҳәаҩцәеи рполитикцәеи иҟарҵаз аҳәамҭақәа.

Қырҭтәыла иаҿагыланы акампаниа мҩаԥигон ЕАШ ацҳаражәҳәаҩгьы. Аха Дональд Трамп иадминистрациа ҿыц ацҳаражәҳәаҩ ԥсахны, аҭагылазаашьа ԥсаххеит. Дональд Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭала, иаргьы «дип стеити» ЕАШ иҟоу уи аныррақәеи дырҿагылоит. Ҳгәы шаанаго ала, ари анилшо ашьҭахь, Қырҭтәылеи ЕАШ-и реизыҟазашьақәа ицқьоу абӷьыцла еиҭалагоит,» – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер.