Иракли Ҕарибашвилии Тоиво Клаари Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿыаҭагылазаашьа иалацәажәеит
Иракли Ҕарибашвилии Тоиво Клаари Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿыаҭагылазаашьа иалацәажәеит

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿыаҭагылазаашьа иалацәажәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи акризисқәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы Тоиво Клаари, Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рҿы ЕАРи Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахаҭарнакцәеи реиҧылараҿы.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахаҭарнакцәеи реиҧылараҿы.  

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  аимакқәа аҭынчмҩала рҭыҧқәҵара аҵакы ду амоуп. Ари аконтекстаҿ иаҵшьны иазгәаҭан Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны алҵшәа бзиа аиура аҵаки Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм Галтәи аиҧыларақәа реиҭалагара ахымҧадареи. 

Аиҧылара рхы аладырхәит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рҿы ЕАР ахаҭарнак Џьиҳан Сулҭаноҕлу, Женеватәи адискуссиақәа амодераторцәа иреиу, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы европатәи Аиҿкаараҿ иҟоу апревенциа ацентр аҟынтә аполитикатә офицар еиҳабы Зигфрид Виобери, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.