Иракли Ҕарибашвили, Русҭави, Аиҩызара амҩаду аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Русҭави, Аиҩызара амҩаду аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит.
Имҩаҧгоу, иара убас, имҩаҧгатәу аусурақәа ирызкны аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апрограмма „Ирҿыцу арегионқәа“ аҳәаақәа ирҭагӡаны Русҭави имҩаҧысуа аусурақәа ашықәс анҵәамҭанӡа ихыркәшазароуп. Зыӡбахәы ҳәоу апрограммала Русҭави ақалақь иазоушьҭуп 40 миллион лари аинвестициа.
Апрограмма „Ирҿыцу арегионқәа“ аҳәаақәа ирҭагӡаны, Русҭави, Аиҩызара амҩадуи ақалақь ахадара аҧхьа иҟоу ашҭеи дырҽеиуеит. Апроект инақәыршәаны, 12 хыбрақәа еиҭашьақәдыргылоит.
Аҧыза-министр даниацәажәоз Иракли Қарселаӡе ишиҳәаз ала, Аиҩызара амҩаду аҿы ахыбрақәа рырҽеиреи рхыбреи, аинџьныртә аҳақәа реиқәыршәареи апроцесс ахыркәшаранӡа инеихьеит. Апроект ала иазҧхьагәаҭоуп алифтқәа рырҽеирагьы. Иара убас, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ақалақь аҭаларҭеи Ҭамар аҳҧҳәыс лыхьӡала иҟоу ашҭеи дырҿыцуеит, мҩақәаки скверқәаки еиҭашьақәдыргылоит. Уажәазы, актәи афаза аусурақәа 70 наӡына хыркәшоуп.