Иракли Ҕарибашвили – Рашәарамзазы аекономикатә азҳара 7,2%иҟан, ажьырныҳәа- рашәарамзатәи абжьаратә арбага 10,5% иаҟарахеит
«Рашәарамзазы аекономикактә азҳара иҵоуроу адинамика инагӡан, аекономикатә азҳара 7,2%иҟан, ажьырныҳәа- рашәарамзатәи абжьаратә арбага 10,5% иаҟарахеит — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, абри аҩыза аекономикатә азҳара арегионаҿ мацара акәымкәа, Европаҿгьы шамахамзар иуҧылом.
«Ҳәарада, ари адинамика ахьчаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ҳукааҧсыра ирасҳәар сҭахуп рашәарамзазы ашәахтә зшәо аилахәырақәа реикәшара 20,4%-ла ишазҳаз, ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп 6641 еилахәырақәа, ари арбага иҳаҩсыз амза арбага аасҭа 36%-еиҳауп.
Аеқспорт 28%-ла иазҳаит, 448 миллион адоллар аҟынӡа ишьҭыҵит.
Атуристтә сектор аҿгьы аиҭашьақәыргылара атенденциа бзиоуп. Рашәарамзазы атуризм аҟынтә ахашәала еиҭашьақәыргылан 88,7%-ла, атуризм аҟынтә аҳәынҭқарра 300 миллион адоллар еиҳаны ахашәала аиуит. Убри аҟынтә, ари атенденциа сынтәагьы инагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Бжьымз рыла абизнес иазыхынҳәит 1 273 000 000 лари», — иҳәеит аҧыза-министр.