Иракли Ҕарибашвили Нидерланды аҧыза-министр ҭелла диацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили Нидерланды аҧыза-министр ҭелла диацәажәеит

Иракли Ҕарибашвилии Марк Рутеи Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи, Қырҭтәыла евроинтеграциеи, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит. Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Ассоциациа трио – Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭақәеи Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресси.

“Иракли Ӷарибашвили ари апроцесс аҿы Нидерланды Қырҭтәыла иадгылап ҳәа дышгәыҕәуа иҳәеит. Иракли Ҕарибашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы аполитикатә ганахьала Украина ишадгыло, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа адеескалациеи излауа ала ирласны аибашьра аҟәыҵреи азы жәларбжьаратәи уаажәларра реидгылареи рзеиҧш ҽазышәареи аҵакы ду шамоу,” – иануп аинформациа аҿы.