Иракли Ҕарибашвили  Лиетува ахада Гитанас Науседа диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Лиетува ахада Гитанас Науседа диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Лиетува ахада Гитанас Науседа диҧылеит.
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун азеиҧш принципқәа рыла ишьақәгылаз ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа. Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиа. Ишазгәаҭаз ала, Лиетува активла Қырҭтәыла иадгыло атәылақәа иреиуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы Лиетува аделегациақәа рҟны қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Лиетува ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит адгылара ҕәҕәеи Қырҭтәыла адгыларатә резолиуциақәа рыҧшьгареи азыҳәан.
Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит апандемиа ашьҭахь  Қырҭтәылеи Лиетувеи рыбжьара аекономикатә усеицура арҭбаара аҵакы, уи аекономикатә азҳареи ажәларқәа рыбжьара аимадара арҭбаареи иацхраауеит.  COVID-19 иахылҵыз апроблемақәа ианрылацәажәоз, ҷыдала иазгәаҭан авакцинақәа рыла атәыла аиқәыршәара аҵакы. Аҧыза-министр Лиетува ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит 15 нызқь авакцина адозақәа Қырҭтәыла ҳамҭас аҭара иазкны ирыдыркылаз аӡбаразы.

Иаҵшьны иазгәаҭан Лиетува ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟа еицымҩаҧыргараны иҟоу аусуреи акоординациа ахырхарҭа хадақәеи ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, 2024 шықәсазы, Қырҭтәыла, Евроеидгыла алалара амзызла азыҳәамҭа аҟаҵаразы аҽазыҟанаҵоит, убри аҟынтә, аполитикатәи аекономикатәи реформақәа рымҩаҧгара азҵаара аҵакы ҷыда амоуп. Аиҧылара алахәылацәа хара имгакәа имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммитгьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаарагьы иалацәажәоит, убри аҟынтә, асаммит адекларациаҿы евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла  иҟоу апрогресс иазгәарҭап ҳәа игәыҕуеит.

Аиҧылара аан хшыҩзышьҭра рызун Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ампыҵахалатә цәаҳәаҿы инхо ауааҧсыра рпроблемақәеи. Лиетува ахада Хурвалеҭи ақыҭашҟа днеины, иара ихала уаҟа аҭагылазаашьа ибеит. Гитанас Науседа Аҧыза-министр Иракли Ҕарибавшили даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит Лиетува Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Лиетува ацҳаражәҳәаҩ Андриус Калиндреи, ахада икабинет абжьагаҩ хада Иева Ульчискаитеи, адәныҟа-политикатә зҵаарақәа рзы ахада ибжьагаҩ  Скирманте Страигиенеи, акоммуникациа азҵаарақәа рзы ахада ибжьагаҩ хада Раминта Станаитите – Чеснулиенеи. Қырҭтәыла аган аҟынтә аиҧылара иалахәын авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании Лиетуватәи ареспубликаҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Ҕвачлиании.