Иракли Ҕарибашвили Лиетува ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Лиетува ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Давос ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лиетуа ахада Гитанас Науседа диҧылеит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рпартниортәии реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәеи уажәтәи апартниорра иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Аҧыза-министр евроеидгыла алалразы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭа аҵакы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, евроинтеграциа апроцесс аҿы қырҭтәыла апартниорцәа рыдгылара иақәгәыҕуеит. Иракли Ҕарибашвилии Гитанас Науседеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи  иазааҭгылеит. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аукраин жәлар ишрыдгыло.