Иракли Ҕарибашвили Илиа аҩбатәи иирамш идиныҳәалеит
Иракли Ҕарибашвили Илиа аҩбатәи иирамш идиныҳәалеит

Қырҭтәыла аҧызаминистр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Акаталикоспатриарх Илиа аҩбатәи иирамш идиныҳәалеит. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистарциа апрессмаҵзура аҟынтә.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Апатриархиашҟа днеины, иара ихаҭа Апатриарх иирамш идныҳәаланы, агәабзиара изеиҕьеишьеит.

Қырҭтәыла Акаталикос-патриарх, Мцхеҭеи Қарҭи аепископ хада,  Пицундеи Цхәым-Аҧсни амитрополит, ацқьаӡа Илиа аҩбатәи  89 шықәса ихыҵит.