Иракли Ҕарибашвили  - Иахьазы атәыла аҿаҧхьа шәарҭарас иҟоу ачарҳәароуп, уи аукраинизациеи аҩбатәи афронт аартра аплани ауп
Иракли Ҕарибашвили  - Иахьазы атәыла аҿаҧхьа шәарҭарас иҟоу ачарҳәароуп, уи аукраинизациеи аҩбатәи афронт аартра аплани ауп

 

Иахьазы атәыла аҿаҧхьа шәарҭарас иҟоу ачарҳәароуп, уи аукраинизациеи аҩбатәи афронт аартра аплани ауп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ иқәгылараан.

„Аҩбатәи афронт аартреи Қырҭтәыла  аибашьра алагалареи иакымкәа аҽазкрақәа иҟан. Ишыжәдыруа ала, абри афраза  – аҩбатәи афронт – раҧхьаӡа акәны иҳәеит Украина амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ.  Ҳаҭыр зқәу Данилов  апрессконференциаҿ иҳәеит дара Қырҭтәылаҿ аҩбатәи афронт аартра шырҭахыз.  Уааҵәҟьа иациҵеит  дара Урыстәыла хшыҩзышьҭра даҽа хырхарҭакахь ииаргар шырҭахыз.  Насгьы ишиҳәаз ала, украинатәи аҳәсеи ахәыҷқәеи мацара ракәӡам иҧсыша ҳәа, ари аибшьра алҵшәақәа егьырҭ атәылақәа рҿгьы иубарҭазароуп ҳәа.  Иааркьаҿны иуҳәозар, абри ауп иара иқәгылара ҵакыс иамаз.  Убри ашьҭахь, Украина анапхгара иҟарҵаз аҳәамҭақәагьы ҳгәалашәоит, иахьа рыхьӡқәа еиқәысыҧхьаӡар сҭахым. Шәара ибзиаӡаны ижәдыруеит ҳаиҳабыра аибашьра шырҭахым, дара Саакашвили анапхгара инапахьы иааганы,  Урыстәыла даҿагыланы аибашьра далагар акәын ирҭахыз, Қырҭтәыла ари аибашьра аҽаланагалар рҭахын.

„Амилаҭтә ҵысра“ иформалым анапхгаҩы  Вано Мерабишвили аҵыхәтәантәи иҳәамҭа шәгәаласыршәар сҭахуп. Украинатәи ателеканалк аҿы урысшәала дықәгыланы иҳәеит дара ҳтәыла анапхгара рыхҳәареи, аиҳабыра рыҧсахреи, Урыстәыла иаҿагыланы аибашьра алагареи хықәкыс ишрымаз. Мерабишвили абри зегьы аргама иҳәеит.  Сара аршаҳаҭгақәа шәызцәырызгеит, афактқәа шәгәаласыршәеит, уаҳа акымзаракгьы.

Ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа сырзааҭгылар сҭахуп, ҳтәыла  20  наӡына импыҵахалоуп, ҳтәыла аҭоурыхтә дгьылаҿ ампыҵахалатә тәыла арбџьармчқәа гылоуп. Иҵабыргны иуҳәозар, иахьазы ҳтәылазы зегьы реиҳа идуу шәарҭоуп аукраинизациеи аҩбатәи аполигони аҩбатәи афронти аартра аплани, ачарҳәареи. Шәызынтәгьы ишәгәаласыршәар сҭахуп ҳтәыла макьана Евроеидгылеи НАТОи ишалам, ҳара изакәызаалак ашәарҭадара агарантиак ҳамам, ҳтәыла  20 наӡына импыҵахалоуп  зегьы реиҳа иҕәҕәоу атомтә мчы  ала“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.