Евроатлантикатә интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресси, НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер Коломинеи реиҧылараҿы. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.
Иракли Ҕарибашвилии Ҳавиер Коломинеи Қырҭтәыла ахыхьчаралшара аизырҳара иазку ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун НАТО астратегиатә концепциа ҿыц. Ишазгәаҭаз ала , ари аконцепциа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит НАТО Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло, иара убас, аконцепциаҿы иаҵшьын иазгәаҭоуп Аҩадаатлантикатә еидгылазы Амшын еиқәа иамоу астратегиатә аҵакы ду. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала , Қырҭтәыла, алианс азы зыгәра угаша апартниорцәа иреиуп, азеиҧш евроатлантикатә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы алагала ду ҟанаҵоит. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала , аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла, евроатлантикатә интеграциа апроцес аҿы ақәҿиара дуқәа амоуп.