Иракли Ҕарибашвили  - Аусеицура ацынхәрас, арадикалтә оппозициа асаботаж ҟарҵоит, атәыла акандидат астатус амоурц азыҳәан Бриуссель ирымоу рлобистцәа активла рхы иадырхәоит
Иракли Ҕарибашвили  - Аусеицура ацынхәрас, арадикалтә оппозициа асаботаж ҟарҵоит, атәыла акандидат астатус амоурц азыҳәан Бриуссель ирымоу рлобистцәа активла рхы иадырхәоит

Аусеицура ацынхәрас, арадикалтә оппозициа асаботаж ҟарҵоит, атәыла акандидат астатус амоурц азыҳәан Бриуссель ирымоу рлобистцәа активла рхы иадырхәоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ адепутатцәа рызҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Михаил Саакашвилии, Давиҭ Бақраӡеи егьырҭи Бриуссель ицаны, Қырҭтәыла авизадатә режим амоурц азыҳәан активла аус руан, уи атәыла амилаҭтә интересқәа рыҿагылара ауп иаанаго.

„Уажәы астатуси астатус аиура апроцессаҿы атәыла аҕацәеи сырзааҭгылар сҭахуп. Ҳтәыла, ҳуааҧсыра ринтересқәа ирҿагыло, иҧсабаратәым аҧынгылақәа аҧызҵо, астатус аиураҿы ҳтәыла иаҧырхагоу ауааҧсыра зегьы ҳтәыла иаҕацәоуп ҳәа исыхьаӡоит. Арадикалтә оппозициа, аусеицура ацынхәрас, асаботаж ҟарҵоит, шәколлегацәа Бриуссельҟа ицаны, рлобистцәа рыцырхрааны, ҳтәыла акандидат астатус амоурц азыҳәан активла аус руеит, дара атәыла аҕацәа роуп ҳәа исыҧхьаӡоит. Сара ибзианы исгәалашәоит Саакашвилии, Бақраӡеи, егьырҭ шәколлегацәеи Бриуссельҟа ицаны,  авизадатә режим аиураҿы ҳтәыла иаҧырхагахар шырҭахыз, уи ачарҳәароуп  ҳәа сгәы иаанагоит.  Абри ауп ачарҳәра иаанаго, ари ачарҳәара иалахәып шәара аҧара зышәҭо, акоррупциа знапы алаку шәлобистцәеи Европарламент алахәылацәақәаки, дара қәҿиарала шәыдҵақәа нарыгӡоит.  Уи ҳтәыла амилаҭтә интересқәа, ҳуааҧсыра ринтересқәа реилагара ауп иаанаго. Ҳаиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит. Шәара иҳашәҳа,    абжьагара заҵәык, аҭагылазаашьа заҵәык анагӡаразы иҟашәҵеи?! Атәылаҿы аполиаризациа армаҷразы иҟашәҵеи?! Акгьы, уи еиҳангьы, аибарххара арҕәҕәаразы ишәылшо зегьы ҟашәҵоит, шәара абри ачарҳәара шәалахәып ҳәа сгәы иаанагоит“,- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.