Иракли Ҕарибашвили  - Апроблема хада ҟалеит 2008 шықәсазы, Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа ааннакылеит, урҭ иахьагьы иахылаҧшуеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳтәылаҿы ахадаратә проблемас иаанхоит аҩныҵҟатәи аилаҩынтәра ашәарҭара
Иракли Ҕарибашвили - Апроблема хада ҟалеит 2008 шықәсазы, Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа ааннакылеит, урҭ иахьагьы иахылаҧшуеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳтәылаҿы ахадаратә проблемас иаанхоит аҩныҵҟатәи аилаҩынтәра ашәарҭара

Апроблема хада ҟалеит 2008 шықәсазы, Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа ааннакылеит, урҭ иахьагьы иахылаҧшуеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳтәылаҿы ахадаратә проблемас иаанхоит аҩныҵҟатәи аилаҩынтәра ашәарҭара, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламентаҿ иқәгылараан.

„Ҳаҭыр зқәу Ҭеона дсазҵааит аконцептуалтә документ иазкны, лара лгәаанагарала, уи ашәарҭадара агарантиақәа еиқәнаршәоит, ҳуааҧсыра рыхьчара иацхраауеит. Ауааҧсыра ирдыруазар сҭахуп, адокумент акәымкәа, шәара имҩаҧыжәго, ҳтәыла зырбгахьоу  ахшыҩдаратә адеструктивтә политика акәымкәа,  аполитика ииашеи ҳара ҳшыҩкрала имҩаҧааго аполитикеи ауп  ҳтәыла зыхьчо. Ари азҵаара иадҳәаланы аргама аинформациа цәыргоуп. Ҳаҭыр зқәу Ақубардиа  Ашәарҭадара ахеилак аинформациа цасҳәа дамыҧхьозар ҟалап. Ашәарҭадаратә хеилак адокумент еиқәнаршәахьеит, Амилаҭтә әшарҭадара аконцепциа, ашәарҭарақәа ахәшьара рыҭаратә документ, атәылахьчара астратегиа, иара убас, акритикатә инфраструктуразы активла аусура ҳаҿуп, уигьы аҵакы ду амоуп, уажәазы аусбарҭақәа рыбжьара аккординациа еиқәҳаршәоит.

Ҳара изныкымкәа ари азҵаара ҳалацәажәахьеит, арегионаҿ аҭагылазаашьа аҽаҧсахит, шәареи ҳареи ҳакәымкәа, адунеиаҿ аӡәгьы издырӡом Украина имҩаҧысуа аибашаьра алҵшәас иахылҵуа. Ҳара ҳакәымкәа, жәларбжьаратә ҳпартниорцәагьы иааҧҵәаны ирзыҳәом Украина иҟалар зылшо. Ҳаҧхьаҟа иҟало адунеиаҿ аӡәгьы издырӡом. Иахьа арҭ ауаа, абра иқәгыланы, ашәарҭадара аконцепциа иалацәажәоит, ашәарҭарақәа рәҳаақҵара рҭахуп. Аибашьра ашьҭахь иҵегьы изакәытә шәарҭарақәоу ицәырҵуа сыздырӡом.

Шәаргьы акгьы шәыздырӡом, абра шәықәгыланым ажәлар  ак жәдыруазшәа ажәлар идшәырбар шәҭахуп. Иахьа атәыла аҿаҧхьа изакәытә шәарҭарақәоу иҟоу шәхахьгьы ишәзаагом.  Урыстәыла ампыҵахалаҩ шакәу зегьы ирдыруеит, уи фактуп.  Абра шәықәгыланы ак шәсазҵаауеит, ихшыҩдароу шәызҵаара еиҭасҳәар сҭахым. Аха, даҽазнык иазгәасҭоит, апроблема хада ҟалеит 2008 шықәсазы, Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа ааннакылеит, урҭ иахьагьы иахылаҧшуеит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ҳтәылаҿы ахадаратә проблемас иаанхоит аҩныҵҟатәи аилаҩынтәра ашәарҭара. Ҳаҭыр зқәу Ақубардиа, аелементартә зҵаарақәа еилышәкаауазҭгьы, ижәдыруазаауан аҩныҵҟатәи ашәарҭарақәа шыҟоу“, – иҳәеит аҧыза-министр.