Иракли Чиқовании аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии Атәылахьчаратә мчқәа иртәыз аҳаирплан  Су-25 иахькаҳаз аҭыҧаҿ иҟан
Иракли Чиқовании аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии Атәылахьчаратә мчқәа иртәыз аҳаирплан  Су-25 иахькаҳаз аҭыҧаҿ иҟан

Атәылахьчаратә мчқәа иртәыз аҳаирплан  Су-25 иахькаҳаз аҭыҧаҿ иаха шаанӡа аусеилыргаратә уснагӡатәқәа мҩаҧысуан.

Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра.

Арыцҳара аҭыҧаҿ иҟан  Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии.

«Аусеилыргара иалагеит аҧырраан ашәарҭадара апҟарақәа реилагаразы. Аусеилыргара мҩаҧнагоит арратә полициа.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла,  аҳаирплан,  аҧырранӡа,  агәаҭара наӡа иахысит,  арегламентла иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәа зегьы инагӡан.

Атәылахьчара аминистрра,   авиациеи Атәылахьчаратә мчқәа аҳаиртә напхгареи  апилот  Кахабера Зурабашвили  иҭахара иадҳәаланы агәалсра ду аанарҧшуеит,  иҭахаз аҧырҩы иҭаацәареи иуацәеи ирыдашшылоит», — иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.