Иракли Чиқовани Робин Даниган дылԥылеит
Иракли Чиқовани Робин Даниган дылԥылеит

Қырҭтәылa aтәылaхьчaрa министр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган дылԥылеит. Аиԥылара  Қырҭтәылa aтәылaхьчaрa аминистрраҿ мҩаԥган.

Атәылaхьчaрa аминистрра аинформациала, аминистр ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ адгыларазы иҭабуп ҳәа лаиҳәеит. Аиԥылараҿ аганқәа ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәарҭадареи атәылахьчареи рхырхарҭала аусеицура азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәе ирыхәаԥшит.

“Ахшыҩзышьҭра азуун атәылахьчаратә лшарақәа реиӷьтәра аганахьала иҟаҵатәу ашьаҿақәеи жәларбжьаратә зыҟаҵарақәа рҵаки. Иазгәаҭан жәларбжьаратә ашәарҭадара аиқәыршәараҿ Қырҭтәыла алагала ду. Аиԥыларҿ иахәаԥшит Қырҭтәылеи Натои русеицура азҵаара.  Аиԥылара ихы алаирхәит ЕАШ атәылахьчаратә атташе, аполковник Џьозеф Бильбо”, – иануп аинформациа аҿы.

Аиԥылара ашьҭахь Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даниган ишазгәалҭаз ала, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит атәылахьчара ахырхарҭала Қырҭтәылеи ЕАШ-и русеицура азҵаарақәа.