Иракли Чиқовани  - Аҧсуа ҳашьцәа ҳаваргыланы аҳәынҭқарра ҕәҕәа аргылароуп хықәкыс иҳамоу, ҳфырхацәа, урҭ рыгәҭа Жиули Шартавагьы, рыхмеигӡара еснагь ари ахықәкы ҳгәаланаршәоит
Иракли Чиқовани  - Аҧсуа ҳашьцәа ҳаваргыланы аҳәынҭқарра ҕәҕәа аргылароуп хықәкыс иҳамоу, ҳфырхацәа, урҭ рыгәҭа Жиули Шартавагьы, рыхмеигӡара еснагь ари ахықәкы ҳгәаланаршәоит

Жиули Шартава акзаареи ахақәиҭреи азықәҧара символс дҟалеит, – иҩит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр асоциалтә аҳаҿы.

„Иахьа Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Жиули Шартава имшироуп. Иара иҿырҧшыгоу аҕәҕәареи афырхаҵареи ааирҧшит.  Жиули Шартава аҧсадгьыл акзаареи ахақәиҭреи азықәҧара символс дҟалеит. Иара иҧсы ахьынӡаҭаз аҧсуааи ақырҭуааи рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылара дацхраауан, Аҟәа ахьчаҩцәа аҵыхәанӡа дрыдгылан, ихы дамеигӡакәа атәылеи ауааҧсыреи ихьчон.

Аҧсадгьыл аидҵареи аҧсуа ҳашьцәа ҳаваргыланы аҳәынҭқарра ҕәҕәа аргылареи ауп ҳара  хықәкыс иҳамоу, ҳфырхацәа, урҭ рыгәҭа Жиули Шартавагьы, рыхмеигӡара еснагь ари ахықәкы ҳгәаланаршәоит. Ҳтәыла иалкаау афырхацәа среихырхәоит.

Ахьӡ-аҧша рымазааит афырхацәа!“ –  иҩит Иракли Чиқовани асоциалтә аҳаҿы.