Иракли Бебуа иуацәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит
Иракли Бебуа иуацәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит

 

Иракли Бебуа иуацәа Қырҭтәыла аиҳабыра ахыбра аҧхьа апротесттә акциа мҩаҧыргеит. Дара ишырҳәаз ала, Иракли Бебуа игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьоуп,  аха, ампыҵахалатә режим ихьаа ркым.

Иракли Бебуа иан ажурналистцәа ишралҳәаз ала,  атәыла аиҳабыра Иракли Бебуа ихақәиҭтәразы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵарцаз, акциа алахәылацәа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧылар рҭахуп.

«Ҳара аҳәарак ауп иҳамоу —  сыҷкәын Иракли ихы дақәиҭзар ҳҭахуп. Ҳара Иракли Ҕарибашвили ихьӡала арзаҳал алаҳҵеит, ҩымз ҵит, аха, аҭак ҳмоуит, иҟарҵо еилаҳкаар ҳҭахуп. Сыҷкәын ихақәиҭтәразы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵароуп», — илҳәеит  Лали Ҧиҧиа.

Иракли Бебуа импыҵахалоу Аҧсны даанкылан    2020 шықәса ҧхынҷкәын 8 рзы, иара 9 шықәса аҭакра иқәырҵеит.