Иракли Ӷарибашвилии, Гьыргәал Лилуашвилии, Оҭар Ԥарцхалаӡеи урҭ ирымадоу ааҩык рыҩнқәа рҿы аимдара мҩаԥган, иԥшаауп ахьымаҭәеи, адокументқәеи, 7 002 200 адоллари 136 000 ларии

Иракли Ӷарибашвилии, Гьыргәал Лилуашвилии, Оҭар Ԥарцхалаӡеи урҭ ирымадоу ааҩык рыҩнқәа рҿы аимдара мҩаԥган, иԥшаауп ахьымаҭәеи, адокументқәеи, 7 002 200 адоллари 136 000 ларии, – иазгәаҭар АҳәМ аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Абрифинг аҿы иҟаҵаз аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, аимдараан иԥшаан 198 цыра ахьымаҭәеи асааҭқәеи, зыхә ҳараку асахьаҭыхымҭақәеи, адокументқәеи.

“Ауаажәлар ринтерес ду иазыԥхьагәаҭаны, иацы имҩаԥгаз ауснагӡатә иазку аинформациа алаҳарҵәар ҳҭахуп.

Ишыжәдыруа ала, иацы шьыжьамҭан, асааҭ 10:00 инаркны атәыла аҵакыраҿ аамҭакала 22 ҭыԥ рҿы зымҽхак ҭбаау ауснагӡатә мҩаԥган. Ауснагӡатәқәа мҩаԥган Қарҭи, Дедоплисҵҟарои, Вании, Чохатаурии, Борџьоми араионқәа рҿы. Аимдарақәа мҩаԥган атәылауаа Иракли Ӷарибашвилии,  Гьыргәал Лилуашвилии, Оҭар Ԥарцхалаӡеи Ромео Миқаутаӡе, Михаил Чохели, Ванои Торникеи Паркаулиааи, Андриа (Сандро) Лилуашвилии урҭ рыуацәеи. Ҳзыхцәажәоу ауснагӡатә рхы иаладырхәит Қырҭтәыла апрокуратуреи АшәМ-и 230-ҩык раҟара аусуҩцәа.

Аимдараан иԥшаауп ахьымаҭәеи, адокументқәеи, 7 002 200 адоллари 136 000 ларии, 198 цыра ахьымаҭәеи асааҭқәеи, зыхә ҳараку асахьаҭыхымҭақәеи, адокументқәеи, 50 амобилтә ҭелқәеи, 119 аеоектронтә хархәагақәеи.

Қырҭтәыла апрокуратуреи АшәМ-и арҭ адокументқәеи аелектронтә хархәагақәа рҿы иҟоу аинформациеи аинтенсивтә режим аҿы аҭҵаара рзымҩаԥыргоит”, -иазгәаҭан абрифинг аҿы.