Иракли Ӷарибашвили - Ҳнапхгара рзы ихадоу приоритетс иаанхоит еилых ҟамҵакәа Қырҭтәыла атәылауаа ирыхәҭоу еиҟароу аҭагылазаашьа ашьақәыргылара
Иракли Ӷарибашвили - Ҳнапхгара рзы ихадоу приоритетс иаанхоит еилых ҟамҵакәа Қырҭтәыла атәылауаа ирыхәҭоу еиҟароу аҭагылазаашьа ашьақәыргылара

“1948 шықәса ҧхынҷкәын 10 рзы Иеиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамбелиа Хадаҿы ирыдыркылеит „Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы зегьирзеиҧшу адекларациа”. Ари арыцхә наӡаӡа аҭоурых ианылеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала ахадаратә ҵакы змоу ахҭыс ҳасабала. “, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ацивилизациатә дунеи зегьы еиқәшаҳаҭхеит, ауааҧсыра зегьы, рмилаҭреи, реиҧшымреи ала еилых рымҭақәа, ахадаратә зинқәа зегьы шранашьоу, аҳәынҭқаррақәа зегьы уи пату ақәҵара ишыруалу азы.

Ӷарибашвили иҳәамҭа аҿы ишану ала, 2014 шықәсазы, аиҳабыра, раҧхьаӡа акәны ишьақәдырҕәҕәеит 2014-2020 шықәсқәа рзтәи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа. Астратегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәырҕәҕәан ауснагӡатәқәа рпланқәа хҧа. Зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иалагӡаны, атәыла анапхгара крызҵазкәа азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа мҩаҧырган, Қырҭтәыла азакәанҧҵара жәларбжьаратәи азхаҵара змоу астандартқәа ирзааигәахеит.

“Иахьазы амч змоу 1995 шықәсатәи Аконституциа 1921 шықәсатәи Аконституциа аҭоурых-зинтә ҭынха иаҵанакәеит, уи усҟантәи адунеи аконституциатә аиҿкаараҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара шьақәзырҕәҕәоз апрогрессивтә аполитика-зинтә документын. Зыӡбахәы ҳәоу азакәан хада ашьаҭала, 2017 шықәсазы имҩаҧгаз аконституциатә реформа ашьҭахь, Қырҭтәыла Аконституциа атекст хадаҿы ихьыҧшым ахәҭаҷ ҳасабала иарбан асоциалтә ҳәынҭқарра апринцип.

Ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу ҧыжәароуп Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рзы еиҟароу, зхы иақәиҭу, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәара, избанзар, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп адемократиатә ҳәынҭқарра аргылара апроцессаан, раҧхьа иргыланы, агәыҧқәа зегьы ринтересқәеи рзинтә ҭагылазаашьеи шыхьчатәу.

Қырҭтәыла аиҳабыра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахырхарҭала аусура нарыгӡоит. Сынтәа, цәыббра 5 рзы, атәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит 2022-2030 шықәсқәа рзтәи Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҩбатәи амилаҭтә стратегиа. Астратегиа хықәкыс иамоуп иҳәаарку азакәанҧҵара апрактикаҿы қәҿиарала амҩаҧгара, астратегиаҿы ахадаратә ҵакы ранашьоуп атәылауаҩратәии аполитикатәии зинқәеи, аиашаӡбареи, аинституциатә демократиеи, аекономикатәи асоциалтәи зинқәеи, аҭахра ҷыдақәа змоу агәыҧқәеи ампыҵахалара амшала азарал зауз ауааҧсыреи рыхьчара. Хара имгакәа, ауснагӡатәқәа рплан аус адулара иалагоит, ари апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит иазҿлымҳау аганқәа зегьы.

Убри адагьы, сынтәа, жьҭаара 25 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра, аҳәсеи, аҭынчреи, ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы ЕАР Ашәарҭадара ахеилак арезолиуциақәа рынагӡара 2022-2024 шықәсқәа рзтәи Қырҭтәыла амилаҭтә плани, аҳәса рзы амчылареи аҭаацәараҿы амчылареи иаҿагыло ақәҧареи, амчылара зхызгаз ауаа рыхьчареи азы 2022-2024 шықәсқәа рзы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа рплани шьақәдырҕәҕәеит.

Ауадаҩрақәа ахьырацәоу иахьатәи адунеиаҿ ҳтәылауаа ҩынтә еиҳаны ҳреиҷаҳароуп. Қырҭтәыла аиҳабыра даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит аҳәынҭқарра ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадаратә хақәиҭрақәеи рыхьчара ишазгәыку, раҧхьа иргыланы, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ҳаамҭазтәи, кыраамҭалатәи, асистематә политика ахиаалареи амҩаҧгареи.

Агәра ганы ҳаҟоуп ҳҽазышәареи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа рыдгылареи ала, Қырҭтәыла Аконституциа 78-тәи ахәҭаҷ ала иазҧхьагәаҭоу ахықәкы – Европатәи Ахеилаки Аҩадаатлантикатәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы аиҿкаареи рышҟа Қырҭтәыла аинтеграциа аиқәыршәара шҳалшо”, —иазгәеиҭеит Иракли Ӷарибашвили.