Иракли Ӷарибашвили - Ҳара, анапхгара, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аветеранцәа ишрыхәҭоу еиԥш иҟазарц азы
Ҳаруаа фырхацәа ҳтәыла ахьӡ хмеигӡакәа рыхьчон, ҳтәыла еиуеиԥшым амиссиақәа рҿы фырхаҵарала аадырԥшуан, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аветеранцәа рымш инамаданы имҩаԥгаз аунагӡатә аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Афганистан Нато иалам атәылақәа рыбжьара зегь реиҳа идуу атәыла-контрибиуторуп, ари амиссиаҿ иҭахеит 30-ҩык ақырҭуа аруаа, шәҩыла ахәрақәа роуит.
„Ҳара, анапхгара, иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аветеранцәа ишрыхәҭоу еиԥш иҟазарц азы. Шәҿырԥштәы ала абиԥара ҿыцқәа иазҳароуп”, – иҳәеи Иракли Ӷарибашвили.