Иракли Кобахиӡе - Ԥасатәи анапхгара ахаан аветеранцәа рзы асоциалтә хәдықәҵақәа иҟамызт, анапхгарашҟа ҳанааи иаразнак ари ахырхарҭа аус адулара ҳалагеит
Иракли Кобахиӡе - Ԥасатәи анапхгара ахаан аветеранцәа рзы асоциалтә хәдықәҵақәа иҟамызт, анапхгарашҟа ҳанааи иаразнак ари ахырхарҭа аус адулара ҳалагеит

Аветеран зехьынџьара зегь реиҳа пату зқәу астатус ауп. Аҳәынҭқарра аӷәӷәара уи ахьчаҩцәа рызныҟәара ала иубарҭоуп,- иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аветеранцәа рымш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы днықәгылоз.

Аԥыза-министр иажқәақәа рыла, ԥасатәи анапхгара ахаан аветеранцәа рзы асоциалтә хәдықәҵақәа иҟамызт, анапхгарашҟа ианааи иаразнак ари ахырхарҭа аус адулара иалагеит.

“Аветеранцәа рымш рыдысныҳәалар сҭахуп аветеранцәа, атәылахьчаратә мчқәеи,аполициеи, амаҵзура ҷыдеи рхаҭарнакцәа, аԥсадгьыл зыхьчоз афырхацәа. Аветеран зехьынџьара зегь реиҳа пату зқәу астатус ауп. Аҳәынҭқарра аӷәӷәара уи ахьчаҩцәа рызныҟәара ала иубарҭоуп. Ԥасатәи анапхгара ахаан аветеранцәа рзы асоциалтә хәдықәҵақәа иҟамызт, анапхгарашҟа ҳанааи иаразнак ари ахырхарҭа аус адулара ҳалагеит“, – иҳәеит Кобахиӡе аветеранцәа рымш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы днықәгылоз.