Иракли Ӷарибашвили Gebrüder Weiss анагӡаратә директор хада диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Gebrüder Weiss анагӡаратә директор хада диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили идуӡӡоу австриатәи атранспорттәи алогистикатәи аилахәыра Gebrüder Weiss анагӡаратә директор хада Вольфрам Зенгер-Ваис диԥылеит .

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиԥылараҿ Қырҭтәыла иинвестициатә ҭагылазаашьеи аилахәыра инанагӡо, иара убас иалагараны иҟоу аинвестициатә проектқәа ирыхәаԥшит.

Иаҵшьны иазгәаҭан алогистикатәии атранспорттәи хырхарҭақәа рыла Қырҭтәыла амоу апотенцили ари ахырхарҭала атәымтә инвестициақәа раларҵара аинетреси.