Иракли Ӷарибашвили Чехиа ахәаахәҭратә палата ахада диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Чехиа ахәаахәҭратә палата ахада диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Европалатеи Чехиа ахәаахәҭратә палата ахада Владимир Длоуҳ диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра рнапхгаҩы Владимир Длоуҳ Европалата ахада иҭыԥ ахь иқәыргылара идиныҳәалан, ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

Аиԥылараҿ рыхцәажәеит ахәаахәҭратә аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, ахәаахәҭра алиберализациеи, аекспорттә џьармыкьақәа рызҵаареи. Ирыхәаԥшит Қырҭтәыла аинвестициатә потенциали атәымтә инвесторцәа  рзы атәылаҿ ихырҳагоу абизнесҭагылазаашьеи. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла иуниакалу агеограциатә лагылазаара, Қырҭтәыла амоу арегионтә ахәаахәҭратәи, цифратәи, атранспорттәи, алогистикатәи ҳаб аҵакы.